Мамука Мдинараӡе Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иазкны – Иракли Кобахиӡе иахь ааҧхьара ҟасҵоит Ражден Купараӡе диҳәарц Америка ацҳаражәҳәарҭа алхратә хықәкы змоу асубиект астатус иарымҭарц
Мамука Мдинараӡе Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа иазкны – Иракли Кобахиӡе иахь ааҧхьара ҟасҵоит Ражден Купараӡе диҳәарц Америка ацҳаражәҳәарҭа алхратә хықәкы змоу асубиект астатус иарымҭарц

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩи апарламенттә аиҳара алидери  Мамука Мдинараӡе Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа дахцәажәеит. Аҳәамҭа иануп: «Аҳәынҭқаррақәа аизолиациаҿы аҿиара зроуам.  Мраҭашәарантә Қырҭтәыла аиҟәыҭхара ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирышьашәалам».

Мдинараӡе ишиҳәаз ала, иара аҧыза-министр иахь ааҧхьара ҟаиҵоит Ражден Купараӡе диҳәарц Америка ацҳаражәҳәарҭа алхратә хықәкы змоу асубиект астатус иарымҭарц .

«Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҿыц аланарҵәеит. Сара Иракли Кобахиӡе иахь ааҧхьара ҟасҵоит Ражден Купараӡе диҳәарц Америка ацҳаражәҳәарҭа алхратә хықәкы змоу асубиект астатус иарымҭарц!» — иҩит  Мамука Мдинараӡе асоциалтә аҳаҿы.