Мамука Мдинараӡе  - 4 пунктк  рҟынтә руа иарбан Европа мап ацәкра иаанаго, конкретла иарбан пунктоу иргәамҧхаз ҳарҳәааит, ҳаргьы конкретла аҭак раҳамҭози
Мамука Мдинараӡе  - 4 пунктк  рҟынтә руа иарбан Европа мап ацәкра иаанаго, конкретла иарбан пунктоу иргәамҧхаз ҳарҳәааит, ҳаргьы конкретла аҭак раҳамҭози

Афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алидер  Мамука Мдинарадзе асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала,  наҟ-наҟтәи апланқәа ирызку  «Ақырҭуа гәахәты» аҳәамҭа 4 пунктк рыла ишьақәгылоуп.

Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,  ассоциациа иазку аҧхықәрақәа нагӡахоит;  2030 шықәса анҵәәамҭанӡа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы ихиазаауеит.

«Наҟ-наҟтәи апланқәа ирызкны иҟаҳҵаз аҳәамҭа 4 пунктк рыла ишьақәгылоуп:

  1. Ҳара ассоциациа иадҳәаланы иҳаду аҧхықәрақәа наҳагӡоит, 2028 шықәсанӡа 90% еиҳаны инаҳагӡоит.
  2. 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла, егьырҭ акандидат тәылақәа зегьы раасҭа Евроеидгыла алалара иазыхиазаауеит.
  3. 2028 шықәсанӡа аиҿцәажәарақәа ралагара азҵаара иқәҳаргылом, ари азҵаара ашантаж азы ахархәара амоурц азыҳәан, ҳара ареформақәа рынагӡареи атәыла аҿиара анагӡареи ҳалшарцаз.
  4. Убри амзызла, ҳара Евроеидгыла агрантқәа мап рцәаҳкуеит, аҳәынҭқарра абри зегьы ахатә харџьла имҩаҧнагоит.

4 пунктк  рҟынтә руа иарбан Европа мап ацәкра иаанаго, конкретла иарбан пунктоу иргәамҧхаз ҳарҳәааит, ҳаргьы конкретла аҭак раҳамҭози», — иҩит  Мамука Мдинараӡе.