Мамука Бахтаӡе  - Қырҭтәыла здаҟам ашанс амоуп аглобалтә џьармыкьаҿы аоргантә аалыҵ  ҟазҵо атәыла аҳасаб ала аҽышьақәырҕәҕәаразы
Мамука Бахтаӡе - Қырҭтәыла здаҟам ашанс амоуп аглобалтә џьармыкьаҿы аоргантә аалыҵ ҟазҵо атәыла аҳасаб ала аҽышьақәырҕәҕәаразы

Адунеии аҿы абиологиатә ганахьала аалыҵ цқьа азы аҭахра есымша иазҳауеит, Қырҭтәыла здаҟам ашанс амоуп аглобалтә џьармыкьаҿы аоргантә аалыҵ ҟазҵо атәыла аҳасаб ала аҽышьақәырҕәҕәаразы , –  иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза – министр Мамука Бахтаӡе  ахаҭабзиара адырга аӡыргараҿы данықәгылоз. Аиҳабыра рнапхгаҩы  иаҵшьны иазгәеиҭеит аалыҵ ахь агәрагара аизырҳаразы ахаҭабзиара адырга иамоу аҵакы ду, иара ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу адырга змоу аалыҵ аекспорттә џьармыкьаҿы аҭира иаҳа иманшәалахоит.

Аҧыза – министр иҳәамҭала, аиҳабыра имҩаҧырго аекономикатә политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп  ақыҭанхамҩатә сектор аконкуренциалшара аизырҳара, ари ахықәкы нарыгӡар рылшоит аекологиатә ганахьала ицқьоу аалыҵ аҟаҵара ала. Мамука Бахтаӡе иажәақәа рыла,  аиҳабыра, аоргантә аалыҵ ҟазҵо ааглыхҩцәа етапла ашәахтәқәа рҟынтә ихақәиҭыртәуеит.

„Аоргантә аалыҵ ҟазҵо ҳнаплакҩцәа реиҳара ашәахтә аҟынтә ихақәиҭуп. Иаҳа ирҭбаау апланқәа ҳамоуп, иреиҳаӡоу астандартқәа назыгӡо, абиологиатә ганахьала ицқьоу аалыҵ ҟазҵо  анаплакқәа зегьы етапла ашәахтәқәа рықәаҳхуеит. Уи еиҳангьы, ас еиҧш иҟоу анаплакқәа афинанстә стимул раҳҭар ҳҭахуп, анаплакқәка зегьы абиологиатәи аекологиатәи ганахьала ицқьоу аалыҵ ааглыхра иалагарц.  Уи аҵакы ду амоуп,  избанзар  адунеии аҿы абиологиатә ганахьала аалыҵ цқьа азы аҭахра есымша иазҳауеит, Қырҭтәыла здаҟам ашанс амоуп аглобалтә џьармыкьаҿы аоргантә аалыҵ ҟазҵо атәыла аҳасаб ала аҽышьақәырҕәҕәаразыаҽышьақәырҕәҕәаразы“, – иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.