Мамука Бахтаӡе - Крҵанистәи абна-парк аартызаауеит,  уаҟа аиҭаҵра ҟалоит шьапыла, амаланыҟәала, мамзаргьы афымцамобиль ала  [афото]
Мамука Бахтаӡе - Крҵанистәи абна-парк аартызаауеит, уаҟа аиҭаҵра ҟалоит шьапыла, амаланыҟәала, мамзаргьы афымцамобиль ала [афото]

Иахьа зҵакы дуу апроект анагӡара ҳалагоит. Уи ҳара мацара ҳакәымкәа,   игыло абиҧарагьы иалаҽхәаратәы иҟалоит.  Крҵанистәи абнапарк аиҭашьақәыргылареи аҿиареи ҳалагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе абиохкырацәара аиҭашьақәыргылара апрограмма аӡыргараҿы данықәгылоз.

Иара иҳәамҭала, абна-парк аҿы уажәтәи аиуникалтә афлореи афаунеи аарҧшызаауеит, аха уи адагьы асиа ҟаҧшь аҟынтә аҵиаақәагьы еиҭарҳауеит.

„Ҳара зыҧсы ҭоу амузеиҵәҟьа еиҿаҳкаауеит,  уаҟа уажәтәи аиуникалтә афлореи афаунеи аарҧшызаауеит, аха уи адагьы, асиа ҟаҧшь аҟынтә аҵиаақәагьы еиҭаҳҳауеит. Ари апроект аҵакы ду амоуп абри здаҟам арегион аҿы абиохкырацәара ахьчаразы. Уи адагьы,  Крҵанистәи абнапарк азкызаарагьы еиҭашьақәҳаргылоит. Уи арекреациатә қәыҧшыларан, Қарҭи Русҭавии еиднаҳәалоит. Ари апарк ауаа рзы иаартызаауеит“, – иҳәеит Аҧыза–министр.

Иара иажәақәа рыла абна-парк аҿы аиҭаҵра ҟалоит шьапыла, амаланыҟәала, мамзаргьы афымцамобиль ала.

Иара убас, Мамука Бахтаӡе ишиҳәаз ала, ауаҩытәыҩсатә капитал арҿиара инаваргыланы, Қырҭтәыла алшара дуқәа иҟоуп аекономика иаҵәеи атуризми аҿиаразы.