Мамука Бахтаӡе - Иахьа игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац ала Европа ишазааигәоу
Агәра ганы сыҟоуп, ҳара ҳаидгылар, европатәи ҳҩызцәа рыцхыраара ала, иаку, иҕәҕәоу, аҭынчратә Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас ишыҟало, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе Европа амшқәа ирымаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Европа ақырҭуа жәлар рцивилизациатә гәазыҳәароуп, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара иалалароуп.
“Ақырҭуа жәлар алагала ду ҟарҵеит европатәи аидеиа апринципқәа рышьаҭакра апроцесс аҿы. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа иаҳҳәар ҳалшоит ацивилизациатә гәазыҳәара шҳамоу. Ҳара иуадаҩу амҩа ҳахысит, аха иахьа игәаҕьны иаҳҳәар ҳалшоит Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац ала Европа ишазааигәоу. Уи аиааира дууп, ари ақәҿиара зыбзоуроу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп”, – иҳәеит Аҧыза-министр.
Мамука Бахтаӡе ҷыдала иазгәеиҭеит Евроеидгыла аҟынтә атәыла иаиуа афинанстәи атехникатәи цхыраара аҵакы, ари ацхыраара абзоурала, Қырҭтәыла аиҳабыра акрызҵазкуа ареформақәа рымҩаҧгареи атәыла атрансформациеи рылшоит.
„Иахьатәи амш лабҿаба иаанарҧшуеит ҳара амҩа иаша ҳшану, убри ада уаҳа мҩак шыҟам. Ари амҩа хымҧада ақәҿиара ду ҳзаанагоит. Қырҭтәыла ауааҧсыра есымша рцәа ианыруазароуп евроинтеграциа апроцесс иахылҿиаауа абзиареи ақәҿиарақәеи. Уажәааны ҳара даҽа қәҿиаракгьы иазгәаҳҭеит. Евроеидгыла аофициалла азин ҳнаҭеит Европа аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәара агентрақәа рассоциациа алаларазы, убри абзоурала, ақырҭуа дипломқәа Европагьы иазхарҵоит. Ҳара есымша ас еиҧш иҟоу ақәҿиарақәа ҳҭахуп”, – иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Европа амшқәа ирымаданы Риҟе апарк аҿы имҩаҧысыз ауснагӡатә аҿы еизаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцели, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи.
Аҧыза-министри, Евроеидгыла ацҳражәҳәаҩи, Қарҭ ахадеи Риҟе апарк аҿы Европа амшқәа ирызкыз ацәыргақәҵа рбеит. Уаҟа ицәырган Евроеидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәеи апроектқәеи.
Европа амшқәа Қырҭтәылаҿ инагӡахоит лаҵара анҵәамҭанӡа. Қарҭи арегионқәеи рҿы, инеизакны, 80 раҟара ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит.