"Маккеин иинститут" аҳасабырба инақәыршәаны, ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак авизадатә режим аанкылара иаҳәоит
“Маккеин иинститут” аҳасабырба инақәыршәаны, ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак Евроеидгылаҟны авизадатә режим аанкылара иаҳәоит, дара ргәаанагарала, абри ашьаҿа алхыҩцәа иднарбоит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра роуранагӡара иахылҵуа. Ари атәы иануп «Маккеин иинститут» аглобалтә демократиа апрограмма адиректор, Қырҭтәыла иҟаз NDI аофис ҧасатәи анапхгаҩы Лаура Торнтон жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟнынӡа илырмазеиз аҳасабырбаҿы. Аҳасабырба ишану ала, адокумент еиқәыршәоуп цәыббра 2-8 рзы Қарҭ имҩаҧгаз «Қырҭтәыла аҩызцәа» амиссиа ашьаҭала.
Адокумент аҿы еиқәыҧхьаӡоуп Америкеи Евроеидгылеи рполитикцәа Қырҭтәыла алхрақәа рҟнынӡа зыҟаҵара рыхәҭоу ашьаҿақәа. Урҭ иреиуп: Евроеидгыла ала «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа аныҟәаразы асанкциақәа рзышьақәыргылара, «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра аартызааразы аҧхықәра рырбаразы Америка Конгресс аҿы иашьашәалоу азакәанҧҵара аус адулара анагӡара, «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа, Биӡина Иванишвилигьы хазхаҭалатәи афинанстәи санкциақәа рзышьақәыргыларазы Америка аиҳабыра рыла иашьашәалоу азҵаара ахәаҧшра, АИХқәа рзы афинанстә цхыраара аизырҳара.
Иара убас, «Маккеин иинститут» аҳасабырбаҿы иануп Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим аанкылара азҵаара иахәаҧшыр ауеит ҳәа. Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, ари азҵаара еимактәыс ирымоуп, аха, ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак гәрагарала ишырҳәаз ала, абри аҩыза ашьаҿа алхыҩцәа лабҿаба иднарбоит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра роуранагӡара иахылҵуа.