Маккеин иинститут аҳасабырба  - Аоппозициаа Қырҭтәыла аимак аҽаланагалар шырҭаху  атәы „Ақырҭуа гәахәтәы“  аҳәамҭа ашьҭымҭа ҕәҕәоуп,  ақырҭуаа мраҭашәарантә ашәарҭадара агарантиақәа рбом  
Маккеин иинститут аҳасабырба  - Аоппозициаа Қырҭтәыла аимак аҽаланагалар шырҭаху  атәы „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳәамҭа ашьҭымҭа ҕәҕәоуп,  ақырҭуаа мраҭашәарантә ашәарҭадара агарантиақәа рбом  

Маккеин иинститут аҳасабырба инақәыршәаны, изызҵааз ауаа зегьы ргәаанагарала,   аоппозициаа Қырҭтәыла аимак аҽаланагалар рҭахушәа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ иҟарҵо аҳәамҭа ашьҭымҭа ҕәҕәоуп.

„Маккеин иинститут“ аглобалтә демократиа апрограммақәа  рдиректор,  Қырҭтәыла иҟоу  NDI аофис ҧасатәи анапхгаҩы Лора Ҭорнтон жьҭаара 26 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа раҧхьа илырмазеиз аҳасабырба Маккеин иинститут авебдаҟьаҿ икьыҧхьын цәыббра  17 рзы..

„„Ақырҭуа гәахәтәы“ иакымкәа алхратә тактикеи анаративи рымоуп, уи иадгыло рацәоуп, насгьы, Урыстәылантә адгылара ҕәҕәа рымоуп. Раҧхьа иргыланы,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхрақәа ирыхәаҧшуеит аҭынчреи аибашьреи рыбжьара алхра аҟаҵара аҳасабала. Дара ишырҳәо ала, аоппозициаа Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар рҭахуп.  Изызҵааз ауаа реиҳара ари ашьҭымҭа ҕәҕәоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Атәылауаҩратә лидерцәақәак ишырҳәаз ала, ақырҭуаа ари аимак ргәы ҧнажәоит, избанзар, дара мраҭашәарантә ашәарҭадара агарантиақәа рбом“, – иануп аҳасабырбаҿы.

Иара убас, аҳасабырбаҿы ишану ала,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ имҩаҧырго алхраҧхьатәи акампаниаан ауаа агәра ддыргар рҭахуп дара, ҧасеиҧш, европатәи ахырхарҭа иадгылоушәа.

„„Ақырҭуа гәахәтәы“ алидерцәа аҳәара иаҿуп дара  „рхатә аҳәарақәа рыла“,  „ҳаҭырла“ Евроеидгыла иалалоушәа, дара Евроеидгыла аҳәарақәа ратәамбареи Евроеидгыла апринципқәа еилазго,  ауаҩытәыҩса изинқәа лазырҟәо азакәанқәа рыдкылареи алагьы рхықәкы нарыгӡар рылшоушәа.   „Ақырҭуа гәахәтәы“ алидерцәа рҳәамҭала, Евроеидгылаҿ егьырҭ илибералым алахәылацәа иҟоуп, Қырҭтәыла Венгриа еиҧшхар ҟалоушәа. Убри аҟынтә, Евроеидгыла аҳәарақәа рынагӡара ацынхәрас,  „Ақырҭуа гәахәтәы“  „атрадициатә ҵасқәа“ ирықәныҟәо акампаниа мҩаҧыргоушәа, дара LGBTQ агәыҧ ирҿагыло азакәанқәа рыдыркылоит, арҭ азакәанқәа ауаҩы изинқәа мацара ракәымкәа, ажәеи аизареи ахақәиҭрагьы иаҧырхагоуп, ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама аҳәынҭқарратә религиас иҳәаақәызҵо аҭагылазаашьақәа рыдыркылоит. Биӡина Иванишвили иҳәамҭала, арҭ алхрақәа раан ауаа  „аибашьреи аҭынчреи“, „атәреи ахақәиҭреи“ „аморалтә деградациеи ақьырсиантә ҵасқәеи“ рыбжьара алхра ҟарҵароуп“, – иануп Лора Ҭорнтон илырмазеиз аҳасабырбаҿы.