Мака Боҷоришвили  - Урыстәыла ала 2 регионк ампыҵакра амшала ауаа рзинқәа реилагара хашҭра амоурц азыҳәан, иахьа  азинтә механизмқәа рыла ақәҧара наҳагӡоит
Мака Боҷоришвили  - Урыстәыла ала 2 регионк ампыҵакра амшала ауаа рзинқәа реилагара хашҭра амоурц азыҳәан, иахьа  азинтә механизмқәа рыла ақәҧара наҳагӡоит

Урыстәыла ала 2 регионк рымпыҵахалара амшала ауаа рзинқәа реилагара хашҭра амоурц азыҳәан, иахьа  азинтә механизмқәа рыла ақәҧара наҳагӡоит, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Гаага, уаҟа Европа Ахеилак анапхгарала, Украиназы ашшыҧхьыӡқәа рзы жәларбжьаратәи акомиссиа еиҿкаауп.

Мака Боҷоришвили ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла зегьы реиҳа ибзианы иадыруеит жәларбжьаратәи зин анормақәа рыхьчара ҵакыс иамоу.

„Ҳара, ҳхатә ҧышәала иаадыруеит аиашамра иаанаго  –  аҭынчуаа мчыла рыхгара, аҩнқәа рықәхра, уҳәа,  абри зегьы амшала ауаа агәаҟра ду иҭагылеит. Урыстәыла ала 2 регионк рымпыҵахалара амшала ауаа рзинқәа реилагара хашҭра амоурц азыҳәан, иахьа  азинтә механизмқәа рыла ақәҧара наҳагӡоит. Жәларбжьаратәи аӡбарақәа изныкымкәа Урыстәыла иадырҵахьеит ахатә ҧхықәрақәа нанагӡарц, аха, Урыстәыла жәларбжьаратәи анормақәа ратәамбара нанагӡоит. Убри азоуп уажәтәи амеханизмқәа реффективра аиҭахәаҧшреи иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵареи заҭаху. Қырҭтәыла аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аидеиа иазгәыкуп, ари ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҽазышәарақәа рыхә ҳшьоит. Қырҭтәыла аукраин жәлар ирыдгылоит, Украина аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит. Нидерланды ари аконференциа амҩаҧгаразы ҳаҭабууп, амаӡаныҟәгаҩ хада иџьабаазы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит“, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.