Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла ОБСЕ иалахәы тәылоуп, ари аиҿкаараҿы ашәарҭадара азҵааразы аусхәаҧштә ҳамоуп, ОБСЕ егьырҭ амзызқәа рзы ахархәара ҟалом
Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла ОБСЕ иалахәы тәылоуп, ари аиҿкаараҿы ашәарҭадара азҵааразы аусхәаҧштә ҳамоуп, ОБСЕ егьырҭ амзызқәа рзы ахархәара ҟалом

 

Қырҭтәыла ОБСЕ иалахәы тәылоуп, ари ари аиҿкаараҿы ашәарҭадара азҵааразы аусхәаҧштә ҳамоуп, ОБСЕ егьырҭ амзызқәа рзы ахархәара ҟалом, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Боҷоришвили лҳәамҭала, аконкреттә гәыҧқәа рполитикатә хықәкқәа рзы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхархәара ҟалом. Лара ари азҵаара далацәажәеит аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны.

„Қырҭтәыла ОБСЕ иалахәы тәылоуп, ари аиҿкаараҿы ашәарҭадара азҵааразы аусхәаҧштә ҳамоуп, ОБСЕ егьырҭ амзызқәа рзы ахархәара ҟалом. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп,  убри азоуп аминистериалаҿ уи сзалацәажәо. Аконкреттә гәыҧқәа рполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхархәара ҟалом. Ҳәарада, ОБСЕ аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Уи азыҳәан Қырҭтәыла азҵаара еснагь аусхәаҧштә иалазароуп. Ажьырныҳәа инаркны Швеицариа ахантәаҩра аиуеит. Швеицариа адәныҟатәи аусқәа рминистр иаамҭаны Қырҭтәыла визитла даҭааироуп. Ҳәарада, ари азҵаара иазкны ҳиацәажәахьеит, иара ашәарҭадара иазку  азҵаарақәа хшыҩзышьҭра ду рзиуп ҳәа ҳгәыҕуеит”, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура.