Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи Жәлар рреспублика ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит
Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи Жәлар рреспублика ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи Жәлар рреспублика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала,  Китаи Жәлар рреспублика ацҳаражәҳәаҩ Мака Боҷоришвили аминистр иҭыԥ аанкылара лыдиныҳәалан, ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит.

Аиԥылараҿ ҩганкалатәи ганрацәалатәи аусеицура ирҭбаау аспектр иахцәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Китаи ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҵакы.