Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны  30 шықәса еиҳаны иҵит, аха, уажәгьы  ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азықәҧара наҳагӡоит
Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны  30 шықәса еиҳаны иҵит, аха, уажәгьы  ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азықәҧара наҳагӡоит

«Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны  30 шықәса еиҳаны иҵит, аха, уажәгьы  ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азықәҧара наҳагӡоит. Ҳаамҭазтәи аҭоурых даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит аҭынчреи аҭышәынтәалареи – наҟ-наҟтәи аҿиаразы ахадаратә ҵакы шрымоу», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа министр Мака Боҷоришвили ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ООН ахеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны зыҩаӡара ҳараку асегмент аҿы данықәгылоз.

Аминистр Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Цхинвли рымпыҵахалара иахылҵыз  апроблемақәа дырзааҭгылеит.

Лара лажәақәа рыла,  ахҵәацәа рҩнқәа рахь  ихынҳәаанӡа, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа  иарбанзаалак алхрақәа изакәаным, аиуристтә мчы рымам, избанзар, жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи анормақәеи ирышьашәалам.