Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла атәылаауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара аполитикатә аусхәаҧштә аҧҵара иазкуп, ҩ-тәылак рҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа даараӡа ирҧырхагоуп
«Қырҭтәыла атәылаа асанкциақәа рзышьақәыргылара аполитикатә аусхәаҧштә аҧҵара иазкуп, ҩ-тәылак рҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа даараӡа ирҧырхагоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Британиа Ду ала ишьақәыргылаз асанкциақәа данрылацәажәоз.
«Ишаабо еиҧш, аамҭа-аамҭала, мзызк амшала, еиуеиҧшым ауаа асанкциақәа рзышьақәдыргылоит. Раҧхьа иргыланы, уи Қырҭтәыла аҩныҵҟа аполитикатә усхәаҧштә аҧҵара иазкуп. Ҳәарада, ари ашьаҿа ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз аҭоурыхтә партниорра иаҧырхагоуп, иаҳзеиҧшу аинтересқәа ирҧырхагоуп», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.
Лара ишазгәалҭаз ала, азҵарақәа рацәа еиҿаҳарҧшыр, Қырҭтәыла иадҳәаланы иҩбоу астандартқәа рхы ишадырхәо убарҭахоит.
«Зехьынџьара, адемократиатә дунеиаҿ ззин иҟоу ахҭысқәа, Қырҭтәылаҿ адемократиа аилагара аҳасабала иахәаҧшуеит. Абри зегьы хықәкылатәи акампаниа аҟазшьа аиуит», — илҳәеит Мака Бочоришвили.