Мака Боҷоришвили ҧхынҷкәын 3-5 рзы имҩаҧысуа ОБСЕ Аминистрцәа Рхеилак 32-тәи аилатәара лхы алалырхәоит
Мака Боҷоришвили ҧхынҷкәын 3-5 рзы Вена имҩаҧысуа ОБСЕ Аминистрцәа Рхеилак 32-тәи аилатәара лхы алалырхәоит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, Мака Боҷоришвили Аминистрцәа Рхеилак алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.
Вена имҩаҧысуа аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟатәи аусқәа рминистр егьырҭ атәылақәа рминистрцәеи, ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хадеи, АИХқәа рхақәиҭра азҵааразы ОБСЕ ахаҭарнаки, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩи дырҧылоит.