Мака Боҷоришвили Марко Рубио Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс иҟаҵара идылныҳәалеит - Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рҿы зегьы иреиҕьу аамҭа ҳаҧхьаҟа ишаҳзыҧшу
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Марко Рубио Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс иҟаҵара идылныҳәалеит. Боҷоришвили ари атәы лҩит асоциалтә аҳа X аҿы.
«Уажәааны Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс иҟарҵаз Марко Рубио гәыкала идысныҳәалоит. Ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура арҿиареи ҳаимадарақәа рырҕәҕәареи сахыццакуеит. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рҿы зегьы иреиҕьу аамҭа ҳаҧхьаҟа ишаҳзыҧшу!» — илҩит Мака Боҷоришвили.