Пекин аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистр Ван И диҧылеит.
Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Китаии рпартниорра иалацәажәеит.
«Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Кавказтәи арегион ароли аимадаразы иҟоу апотенциал инагӡаны ахархәара аҵаки. Ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан Абжьаратә корридор аҿиараҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду.
Ишазгәаҭаз ала, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр аофициалтә визитла Китаи даҭааит. Иара убас, 2019 шықәса инаркны раҧхьаӡа акәны, ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиҧылеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.