Мака Боҷоришвили - Ҳара Евроеидгылеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны Венгриа иаҳзаанарҧшуа адгылара иҳаракны ахә ҳшьоит, шәпозициазы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит
Ҳара Евроеидгылеи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны Венгриа иаҳзаанарҧшуа адгылара иҳаракны ахә ҳшьоит, шәпозициазы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Венгриа адәныҟатәи аусқәеи ахәаахәҭреи рзы аминистр Питер Сииартои лареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Мака Боҷоришвили Қырҭтәылеи Венгриеи русеицура далацәажәеит.
„Ҳара, Будапешт имҩаҧысраны иҟоу аиҳабырабжьаратә аиҧылара ҳахыццакуеит, Қырҭтәыла аиҳабыреи Венгриа аиҳабыреи еиҧылоит. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҳҵар иҳалшо ҳалацәажәаратәы алшара бзиа ҳауеит“, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.
Лара Абжьаратә корридор апроектгьы далацәажәан, ишазгәалҭаз ала, ари апроект Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп.
„Ишыжәдыруа еиҧш, Қырҭтәыла ари апроектаҿ ахатә роль нанагӡароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Аимадара аиқәыршәара ҳаналацәажәо, Венгриеи, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани рыбжьара аусеицурагьы ҳалацәажәароуп. Ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Ари аганахьала, Еврокомиссиа аҿгьы аусеицура аҵакы ду амоуп. Ари апроект дара рзгьы аҵакы ду амоуп. Ҳара евроструктурақәа рҿы шәыдгылара ҳақәгәыҕуеит, избанзар Европа ашәарҭадара зырҕәҕәаша апроектқәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп“, – илҳәеит Мака Боҷоришвили.