Мака Боҷоришвили – Гахариа иаартны  «Амилаҭтә ҵысра» акаолициа далалоит, аоппозициатә партиақәа   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҿагыларазы иаку афронт рымазарцаз
Мака Боҷоришвили – Гахариа иаартны  «Амилаҭтә ҵысра» акаолициа далалоит, аоппозициатә партиақәа   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҿагыларазы иаку афронт рымазарцаз

«Гахариа иаартны  «Амилаҭтә ҵысра» акаолициа далалоит, аоппозициатә партиақәа   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҿагыларазы иаку афронт рымазарцаз», — илҳәеит евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Мака Боҷоришвили.

Боҷоришвили  апартиа  «Қырҭтәылазы» ахантәаҩы ила «Ақырҭуа хартиа» анапаҵаҩра иазкны илазҵааит.

«Аоппозициатә партиақәа Қырҭтәылеи  «Ақырҭуа гәахәтәи» рыҿагыларазы иаку афронт рымазарц азоуп абри зегьы зыҟарҵо. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаабаз зегьы мцуп   –  «Амилаҭтә ҵысра» еилаҳазшәа, хазы аполитикатә партиақәа иҟоушәа. Иҵабыргны иуҳәозар,  «Амилаҭтә ҵысра» мацареи уи ахәҭақәеи роуп иҟоу», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.