Европаҿ аинтеграциа акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвилии Европаҿ аинтеграциа акомитет ахантәаҩы актәи лхаҭыԥуаҩ Леван Қарумиӡеи Страсбург, Европарламент апоенартә аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Европарламент аҿы аиԥыларақәа рыман, – аарыцҳаит апарламент апрессмаҵзура аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациала, ақырҭуа закәнԥҵаҩцәа еиуеиԥшым аполитикатә гәыԥқәа рхаҭарнакцәа иԥылеит.
“Аиԥыларақәа рҿы зҵаара хаданы иқәгылан Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицураҿ иактуалу атемақәа, Евроеидгыла арҭбаара аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аинтеграциа амш аусхәаԥштә, Қырҭтәыла аҵакы Европа агепололитикаҿ.
Европарламент аҿы аус адырулеит Евроеидгыла азеиԥш адәныҟатәи шәарҭадаратә политикеи атәылахьчареи ирызку ҩҳасабырбак, урҭ рҿы Қырҭтәыла евроинтеграциа адгылара иаарԥшуп, Урыстәыла Қырҭтәыла арегионқәа Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҿы имҩаԥнаго ампыҵахалара ақәыӡбара аарԥшуп“,- иануп апарламент аинформациа аҿы.