Мака Боҷоришвили – Евроеидгыла Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи апрогресси хымҧада иазханаҵароуп, алалара иазку аиҿцәажәарақәа зыҧшра ҟамҵакәа иалагароуп
«Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла арҕәҕәара Европа ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи иацхраауеит», — илҳәеит Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили Венгриа имҩаҧысуа апарламентбжьаратә конференциаҿы данықәгылоз.
Лара лҳәамҭала, Евроеидгыла Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи апрогресси хымҧада иазханаҵароуп, алалара иазку аиҿцәажәарақәа зыҧшра ҟамҵакәа иалагароуп.
«Акомплекстә ҟазшьа змоу абри агеополиткиатә контекст аҿы Евроеидгыла арҭбаара астратегиатә ҵакы амоуп. Алҵшәа ҳаурц азыҳәан, ақәҿиарақәа рышьаҭала имҩаҧысуа арҭбаара апроцесс иаша ҳҭахуп.
Ҵыҧх Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат астатус ананашьеит. Ҳтәыла – Европаҿ зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху, европатәи аҽазышәарақәа зегьы реиҳа иахьыҕәҕәоу тәылоуп.
Урыстәылатәи агрессиа иакәу ибзиаӡаны иаадыруеит. Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәка импыҵахаланы ианамоу аамҭазы, ашәарҭадара агарантиақәа аныҟам, атәыла аиҭакра иаанаго иаадыруеит, уи ҳхаагахьеит.
Аха, уезгьы, ҳара, лабҿаба иубарҭоу апрогресс ҳамоуп, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш еиҕьазтәыр зылшо тәылас иҟаҳҵеит.
Аха, алалара иазку аиҿцәажәарақәа рахырҧара атәыла апрогресс иаҧырхагахар ауеит, уи аилаҩынтәра аиҿкаразы хархәагас иҟалар ауеит. Убасҵәҟьа иҟалеит ҩышықәса раҧхьа, Украинеи Молдовеи иреиҧшымкәа Қырҭтәыла акандидат астатус анарымҭа.
Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла арҕәҕәара Европа ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи иацхраауеит.
Убри аҟынтә, Евроеидгыла Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи апрогресси хымҧада иазханаҵароуп, алалара иазку аиҿцәажәарақәа зыҧшра ҟамҵакәа иалагароуп.
Насгьы, иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Еврокомиссар Варҳеи ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп иуадаҩӡоу аамҭазы имҩаҧигаз аусура ду азыҳәан. Хара имгакәа Еврокомиссиа анапхгара ҿыц алырхуеит, дара русура Европа аҧеиҧш азы аҭоурыхтә ҵакы амазаауеит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.