Мака Боҷоришвили – Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩи ҳареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәа ҳрылацәажәеит
Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили лҳәамҭала, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиҧылараан Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазашьақәа рҿы апарламент ароль иалацәажәеит.
Лара ишазгәалҭаз ала, иара убас, хшыҩзышьҭра ду азун 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу ақәҿиарақәеи Қырҭтәыла апарламентаҿы ари ахырхарҭала инагӡаз аусуреи.
«Ацҳаражәҳәаҩ ҳусура иазкны инарҭбаау аинформациа имоуп. Ҳара Евроеидгылантә ҳаззыҧшу анеҩстәи ашьаҿақәа ҳрылацәажәеит. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа аполиткиатә аӡбара шрыдыркыло. Ҳәарада, абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла имҩаҧнаго аусура атехникатә агангьы аҵакы ду амоуп. Ҳара Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа изырҕәҕәаша апрактикатә зҵарақәагьы ҳрылацәажәеит.
Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ревроинтеграциа аҩаӡара ахәшьара азҭо адокумент аус адулара хыркәнашеит. Ахырхарҭақәа зегьы рыла Қырҭтәыла ареитинг шыҳараку аадыруеит. Ари адокумент Евроеидгыла аинститутқәа рҿы афиналтә аполиткиатә ахәаҧшра иахысуеит. Қырҭтәыла перспективас иамоу хара имгакәа еилаҳкаап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.