Мака Боҷоришвили — Бриуссель  ақырҭуа жәлар ашантаж рзуразы амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәоит
Мака Боҷоришвили — Бриуссель  ақырҭуа жәлар ашантаж рзуразы амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәоит

«Бриуссель ақырҭуа жәлар ирҧырхагахаша аӡбара рыдрымкылап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Лара лажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар авизадатә режим аанкылара иацәшәаратәы амзызқәа рымам.

«Қырҭтәыла иадҳәаланы авизатә режим аҧсахра иалацәажәоит, дара иааҟәымҵӡакәа ари азҵаара алацәажәара иаҿуп, аха, ақырҭуа жәлар авизадатә режим аанкылара иацәшәаратәы амзызқәа рымам. Ҳара лабҿаба иаабоит Бриуссель ақырҭуа жәлар рықәыҕәҕәареи  ашантаж рзуреи азы амеханизмқәа зегьы рхы ишадырхәо.  Бриуссель ақырҭуа жәлар ирҧырхыгахаша аӡбара рыдрымкылап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит  Боҷоришвили.