Мака Боҷоришвили Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ҭагалантәи асессиаҿы дықәгылеит
Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили Дублин имҩаҧысуа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ҭагалантәи асессиаҿы дықәгылеит.
Боҷоришвили аимакқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи ирызкыз адебатқәа дрылахәын.
«Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иалоу Қырҭтәыла ибзиаӡаны иадыруеит жәларбжьаратәи анормақәа ратәамбара иахылҵуа. Аимак, аҵакырадгьылтә акзаара аилагара, Қырҭтәыла 2 регионк Урыстәыла ала ампыҵахалара, арратә базақәа уҳәа, абарҭ апроблемақәа роуп ҩажәеижәаба шықәса ирылагӡаны стәылаҿ иҟоу», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.
Акомитет ахантәаҩы иааигәахо апарламенттә алхрақәеи, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара аҳасабтәқәеи дырзааҭгылеит, лара иаҵшьны иазгәалҭеит иуадаҩӡоу агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы аҭынчра ҵакыс иамоу.
«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, еиуеиҧшым амзызқәа рымшала, изныкымкәа аилаҩынтәра ашәарҭара иҭагылахьеит, уи ҳтәыла ашәарҭадара иаҧырхагоуп. Ҳара ареалтә обиективтә ашьаҭа змам жәларбжьаратәи акампаниақәа рацәа ҳбеит. Ҳара зҵакы дуу апарламенттә алхрақәа ҳзыҧшуп. Атәыла анапхгара арҭ алхрақәа ииашаны рымҩаҧгара иазҿлымҳауп, ҧаса ишыҟалаз еиҧш уажәгьы Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәазыҳәара аӡәгьы гәҩарас иҟаимҵарцаз», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.