Мака Боҷоришвили – Атәым дипломатцәа аобиективтә ахәшьарақәа ҟарҵароуп, ганкала ааҧхьарақәа рыҟаҵара ҟалом, избанзар, уи егьы аган аҟынтә амчылара ахылҵуеит
Мака Боҷоришвили – Атәым дипломатцәа аобиективтә ахәшьарақәа ҟарҵароуп, ганкала ааҧхьарақәа рыҟаҵара ҟалом, избанзар, уи егьы аган аҟынтә амчылара ахылҵуеит

«Ганк аҟынтә амчылара ҳақәыӡбозар, егьы аган аҟынтә амчылара адгылара ҟалом, избанзар, уи иаҳа идуу амчылара ахылҵуеит,» — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Боҷоришвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени егьырҭ аҳәаанырцәтәи дипломатцәеи рҳәамҭақәа дрыхцәажәеит.

«Ҳәарада, амчылара ҟамлароуп, ҳәарада ари афакт ҳгәаҧхом, аха аконкреттә гәыҧқәа амчылара иадгылоит, Қарҭ амҩақәа рҿы амчылара афактқәа рацәоуп, ҳәарада, азинхьчаратә органқәа арҭ афактқәа ирықәҿырҭуеит.  Апринцип мариоуп  – ахәшьарақәа аобиективла иҟаҵазароуп, аобиективтә ҭагылазаашьа ашьаҭала, уи аҵакы ду амоуп.  Ганк аҟынтә амчылара ҳақәыӡбозар, егьы аган аҟынтә амчылара адгылара ҟалом, избанзар, уи иаҳа идуу амчылара ахылҵуеит», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.