Мака Боҷоришвили – Ампыҵахалара ахьынӡанагӡахо адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара алацәажәара ҟалом
«Ампыҵахалара ахьынӡанагӡахо адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ма аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара алацәажәара ҟалом», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Михаил Галузин ҩ-тәылак рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азҵааразы иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
«Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара проблемас иҟоу зегьы ирдыруеит, ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа изаанкылоу зегьы ирдыруеит. Ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалароуп сызлацәажәо, абри ауп ҳареи Урыстәылеи ҳаизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаҧырхагоу», — илҳәеит аминистр.
Лара ишылҳәаз ала, ақырҭуа оппозициа абри аҩыза аҳәамҭақәа рхы ишадырхәо интересс илымоуп.
«Араҟа даҽа зҵааракгьы иҟоуп – абри аҩыза аҳәамҭақәа Қырҭтәыла рхы ишадырхәо, аоппозициатә мчқәа ҳәатәыс акгьы рзаанымхеит, убри аҟынтә, абри аҩыза аҳәамҭақәа рыла изыхцәажәаша атемақәа роуеит.
Еиҭасҳәар сҭахуп: ари азҵаара мариоуп. Қырҭтәылаҿ Урыстәыла ала импыҵахалоу 2 регионк иҟоуп, ҳәарада, ампыҵахалара ахьынӡанагӡахо адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара алацәажәара ҟалом», — илҳәеит Боҷоришвили.