Мака Боҷоришвили - Аминистр иҭыԥ ахь кандидатс сықәыргылара азҵаара игылам
Мака Боҷоришвили - Аминистр иҭыԥ ахь кандидатс сықәыргылара азҵаара игылам

«Аминистр иҭыԥ ахь кандидатс сықәыргылара азҵаара игылам», — илҳәеит апарламент евроинтеграциазы акомитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили ажурналистцәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аанкылара иазкны анлазҵаа.

Мака Боҷоришвили лажәақәа рыла, ари адырра ииашам.

«Ҳазҭагылоу амомент аҿы ари азҵаара иқәгылам, ари имцуп. Аԥыза-министр аминистрцәа ркабинет аилазаашьа анцәыриго, зегьы еилышәкаауеит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.