Мака Бочоришвили - Европарламент 31ҩык алахәылацәа рҳәамҭа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара ашьаҭала иҟаҵаз азыҳәамҭа изаҧырхагахом
«Европарламент 31ҩык алахәылацәа рҳәамҭа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара ашьаҭала иҟаҵаз азыҳәамҭа изаҧырхагахом», — илҳәеит евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламентәт комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили.
Мака Боҷоришвили Европарламент 31ҩык алахәылацәа Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель изырҩыз ашәҟәы дахцәажәеит. Европарламентә алахәылацәа Боррель иахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәыла ианашьаз акандидат астатус аанкылареи Евроеидгыла афинансыркра аиҭахәаҧашреи азы.
«Ҳара Европарламент арезолиуциа ҳбахьеит, Европарламент 31ҩык алахәылацәа ари арезолиуциаҿы ргәаанагара аадырҧшит. Уаҳа ҳәатәыс ирымоу сыздырӡом, уи ала Қырҭтәылаҿ апротест иацхраар рҭахуп. Европарламент адепутатцәа сразҵаар сҭахуп, дара хықәкыс ирымоу. Ари аҳәамҭа ақырҭуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари ринтересқәа ирышьашәалоума, ақырҭуа жәлар Евроеидгыла иалалар шырҭаху аадмырҧши? Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭа – хәмарраӡам. Қырҭтәыла анапхгара ари азыҳәамҭа ҟарҵеит ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара ашьаҭала, Европарламент 31ҩык алахәылацәа ари апроцесс изаҧырхагахом», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.