Маикл Карпентер - Аԥсни Цхинвалтәи арегион азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарақәа аҭакԥхықәра ду ала аднакылоит
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаараҿ ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Маикл Карпентер иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит.
Аҳәынҭқарратә департамент аҿы имҩаԥгаз апрессконференциаҿ Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра иазкны изықәдыргылаз азҵаара иаҭакны Карпентер ишазгәеиҭаз, Аԥсни Цхинвалтәи арегион азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарақәа аҭакԥхықәра ду ала аднакылоит.
„Аԥсни Цхинвалтәи арегион азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарақәа аҭакԥхықәра ду ала аднакылоит. Ҳара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит. Қырҭтәыла иҟоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара Аинцидентқәа раԥыҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы амеханизм иалахәуп Аԥсни Цхинвалтәи арегион административтә аиҟәшаратә цәаҳәаҿ. Ҳара аҭагылазаашьа амониторинг наҳагӡоит”, – иҳәеит Маикл Карпентер.