Маикл Карпентер - 2008 шықәса путинтәи аимпериалисттә амбициақәа рышықәсын, уи иашьҭагылан Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% ампыҵахалара, усҟан жәларбжьаратәи уаажәларра иахәҭаз ақәҿыҭра ҟанамҵеит, ҳара аихьшьаала иаша ҳзыҟамҵеит
Маикл Карпентер - 2008 шықәса путинтәи аимпериалисттә амбициақәа рышықәсын, уи иашьҭагылан Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% ампыҵахалара, усҟан жәларбжьаратәи уаажәларра иахәҭаз ақәҿыҭра ҟанамҵеит, ҳара аихьшьаала иаша ҳзыҟамҵеит

«2008 шықәса путинтәи аимпериалисттә амбициақәа рышықәсын ҳәа сгәы иаанагоит, уи иашьҭагылан Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% ампыҵахалара», — иҳәеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Америка ацҳаражәҳәаҩ Маикл Карпентер Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Ажурналист иара диазҵааит  2008 шықәсазы жәларбжьратәи уаажәларра иахәҭоу ақәҿыҭра ҟанаҵазҭгьы,  2014 шықәсазы ҟрымтәи апроблемеи уажәы имҩаҧысуа аибашьреи уезгьы иҟалозма ҳәа.  Карпентер ишазгәеиҭаз ала, усҟан жәларбжьаратәи уаажәларра ақәҿыҭра иахәҭаз алҵшәа ахылымҵит.

«Аиашаз, абарҭ ахҭысқәа зегьы шәтәылантә иалагеит, ҳара уи мап ҳзацәаҳкуам. Қырҭтәыла хәҭак иахьагьы импыҵахаланы иҟоуп, ари аимак уажәгьы инагӡоит», — иҳәеит  Карпентер.

Ажурналист Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рзгьы диазҵааит.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала,  «Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы ари атема актуалтә ҵакы азҭо аплатформоуп». Иара иажәақәа рыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аформат аҵакы ду амоуп.

«Агәра ганы сыҟоуп амца аанкылара иазкны  2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра шынагӡахо. Уи зыҟалом ҳәа шәгәы иаанагозар ҟалап, аха, Украина ахҭысқәа шымҩаҧысуа шәахәаҧш, аурыс арбџьармчқәа ахьаҵра иаҿуп.

Қырҭтәыла – крызҵазкәа адемократиатә тәылоуп, уи Мрагылареи Мраҭашәареи рыбжьара зҵакы дуу астратегиатә ҭыҧаҿ ишьҭоуп. Қырҭтәыла адипломатиатә хархәагақәа зегь ахы анархәоит. Ҳара евроатлантикатә интергациаҿы Қырҭтәыла ацхрара наҳагӡоит», — иҳәеит Карпентер.