Молдова ахада Маиа Санду лажәақәа рыла, Молдова аԥеиԥш ашәарҭа иҭагылоуп.
Санду иҟалҵаз аҳәамҭала, жьҭаара 20 рзы Молдова имҩаԥгаз алхрақәа раан “ахақәиҭра аганахьала апрецедент змамыз ажәылара мҩаԥган”.
Маиа Санду аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит, аҩбатәи атур аҿы алхратә процесс аиашара иахылаԥшырц.
Молдова ахада ишазгәалҭаз ала, аӡбарҭа асистема аграқәа рацәаны амоуп, ари иахҟьаны акоррупциа аҿагылара алымшеит.
Маиа Санду дақәгәыӷуеит аҩбатәи атур аҿы ауааԥсра амобилизациа шрымазауа.