Молдова ахада Маиа Санду Киев даҭааит. Ари атәы Санду асоциалтә каҭаҿы аалыцҳаит.
Молдова ахада лажәақәа рыла, Киев Украина ахада, Володимир Зеленски диԥылоит.
“Иахьа Киве сдәықәлет, Володимир Зеленскии сареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагароуп. Украинеи украинатәи ажәлар адгылара рзаасырԥшуеит. Дара рфырхаҵара иабзоураны ҳара аҭынчра ҳамоуп. Ҳара ашәарҭадареи, аенергетикеи, аинфраструктуреи, ахәаахәҭреи Евроеидгыла ашҟа амҩаҿ ацхыраареи ирызку азҵаарақәа ҳарзааҭгылоит. Молдова Украина агәыла гәакьас аҟазаара нанагӡоит”, – илҩит Санду.