Иахьа, зеиҧшҟамлац ала ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоуп ахақәиҭреи европатәи аҧеиҧш азықәҧараҿы, — илҩит асоциалтә аҳаҿы Молдова ахада Маиа Санду.
«Иахьа, зеиҧшҟамлац ала ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоуп ахақәиҭреи европатәи аҧеиҧш азықәҧараҿы. Шәгәымшәареи шәфырхаҵареи гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит. Молдова абри иаҳзеиҧшу амҩаҿы ҕәҕәала ишәыдгылоит», — илҩит Санду.
Иахьа Қырҭтәыла апарламентаҿ Михаил Ҟавелашвили иинаугурациа мҩаҧган.