Маиа Чхаиӡе - Ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит агрипп азы алаҵақәа ҟарҵарц
Цицишвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәшәтәырҭа амедицинатә директор Маиа Чхаиӡе лажәақәа рыла, ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу апациентцәа реиҳараҩык ареспиратортә вирустә чымазарақәа рымоуп.
Чхаиӡе ишаалыцҳаз, ирацәахеит акоронавирус афактқәагьы.
„Ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу апациентцәа реиҳараҩык ареспиратортә вирустә чымазарақәа рымоуп, аиҳара А атип змоу авирус. 40-ҩык апациентцәа хырԥашьа змам ацхыраара аҟәшаҿы ишьҭоуп. Агрипп авирус ада алараҵәара амоуп ареспиратортә вирустә чымазара, уи аларҵәара амоуп 0-2 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара. Иҟоуп аденовирустә инфекциа афактқәагьы. Ирацәоуп апневмониақәа, абронхолитқәа”, -иазгәалҭеит Маиа Чхаиӡе.
Цицишвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәшәтәырҭа амедицинатә директор Маиа Чхаиӡе ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵоит агрипп азы алаҵақәа ҟарҵарц.