Рыԥсыҽреи рцәарӡгареи иахьа даҽазнык иаҳдырбеит. Амш анҵәамҭазы ари асекта изаҵәны иаанхоит, – асоциалтә каҭаӡы илҩит “Ақырҭуа гәахәтәы” алахәыла Маиа Биҭаӡе.
Биҭаӡе Ацентртә алхратә комиссиа аилатәараҿы иҟалаз ахҭыс дахцәажәеит. Иахьа Ацентртә алхратә комиссиаҿ алхрақәа реихшьаала иазкны имҩаԥысуаз еилатәараҿ, “Амилаҭтә ҵысра” аҟынтә акомисиа алахәыла Давид Кирҭаӡе Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Гьарь Каландаришвили ашәыга иҿеиҭәеит.
“Рыԥсыҽреи рцәарӡгареи иахьа даҽазнык иаҳдырбеит. Амш анҵәамҭазы ари асекта изаҵәны иаанхоит. Амчылара, мчыла аиҳабыра ақәгара – абри ауп хықәкы хадас ирымоу, аха урҭ ирзеилкаауам акы, Қырҭтәыла иахьа даҽакуп. “Аӡәгьы ишәанаижьуам жьҭаара 26 рзы иҟашәҵаз амчсылара, ари уаҳа атәылаҿы аӡәгьы ишәанаижьуам”, – илҩит Биаӡе.