Магнус Браннер – Евроеидгыла, ҧасеиҧш, ақырҭуа жәлар ирыдгылоит, ҳара атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ирласӡаны иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц
«Ҩынҩажәеижәаба мшы еиҳаны иҵуеит ақырҭуаа атәыла зехьынџьара зеиҧшҟамлац апротесттә акциақәа мҩаҧыргоижьҭеи, дара ртәыла европатәи аҧеиҧш иазықәҧоит. Аха, ақырҭуа жәлар амчылареи, арепрессиақәеи, абаандаҩтәрақәеи рыла ирҧылоит. Қырҭтәыла адемократиа иаҳа-иаҳа ицәгьахоит, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит», – иҳәеит Еврокомиссиа ахаҭарнак Магнус Браннер Қырҭтәыла азҵааразы Европарламентаҿ имҩаҧысуаз адебатқәа раан.
Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара шьаҭанкылатәи азинқәа ирҿагыло, адемократиатә напхгараҭара иаҧырхагоу закәанқәак рыдыркылеит.
«Амчылареи, адемонстрантцәеи, аполитикцәеи, АИХқәа рхаҭарнакцәеи рганахьала ацәымҕратә бызшәа ахархәареи, аполитикатә ашьаҭала аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рамхреи, Саломе Зурабишвили лықәмақарреи ҳзақәшаҳаҭхом. Акандидат астатус змоу атәыла абри аҩыза ахымҩаҧгашьа иақәнагам. Евроеидгыла, ҧасеиҧш, ақырҭуа жәлар ирыдгылоит, ҳара атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ирласӡаны иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц», – иҳәеит Браннер.
Иара убас, Магнус Браннер Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ОБСЕ аихшьаалатә аҳасабырбаҿы иарбаз абжьагарақәа нарыгӡарц, ари ахықәкы нагӡазар ҟалоит атәыла адемократиатә институтқәа рахь агәрагара архынҳәра алшара ахәаҧшрала, алхрақәа реиҭамҩаҧгара иазку Қырҭтәыла ауааҧсыра рыҳәара ахәаҧшрагьы уахь иналаҵаны.