"Мҭавари архи" - Заза Оқуашвили имзызла ишьақәгылаз афинанстә кризис иахҟьаны, ишиашо ицоу аефир ахь иҭыҵуаз адырраҭарақәа зегьы аанкылоуп
"Мҭавари архи" - Заза Оқуашвили имзызла ишьақәгылаз афинанстә кризис иахҟьаны, ишиашо ицоу аефир ахь иҭыҵуаз адырраҭарақәа зегьы аанкылоуп

“Мҭавари архи” ашьаҭаркҩцәа руаӡәы Заза Оқуашвили имзызла ишьақәгылаз афинанстә кризис иахҟьаны, ишиашо ицоу аефир ахь иҭыҵуаз адырраҭарақәа зегьы аанкылоуп, – иануп “Мҭавари архи” аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аканал ишиашо ицоу аефир аиҭашьақәыргыларазы альтернативтә мҩақәа рыԥшаара иаҿуп.

“Есымшатәи аефир азы аԥара ҳамам.

Ишиашо ицоу аефир ахь иҭыҵуазм адырраҭарақәа : ажәабжьқәа; иҷыдоу адырраҭарақәа; “Пост-фактум”; “Мҭавари асабшаҿны”; “Амш асас” уҳәа убас иҵегьы.

Уажәазы, аефир ахь иҭыҵуеит ианҵоу адырраҭарақәа мацара”, – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.