Лондон имҩаҧысраны иҟаз аҭынчратә аиҿцәажәарақәа иаҧыхуп. Британиатәи аган рдыррақәа рыла, Америкеи, Франциеи, Германтәылеи, Украинеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рыҩаӡараҟны имҩаҧысраны иҟаз аиҧылара ихырҧоуп.
Аофициалтә аиҿцәажәарақәа нагӡахоит, аха, ажурналистцәа уахь инарышьҭуам.
Иаха иаарыцҳаит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио ари аиҧылара ихы алаирахәом ҳәа. Иара ицынхәрас Лондонҟа ддәықәлараны дыҟан Кит Келлог.
Иахьа ишеилкаахаз ала, Германтәылеи Франциеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа украинатәи азҵаара иадҳәаланы Лондон имҩаҧысуа аиҧылара рхы аладырхәом.