Лнван Махашвили - Евроеидгыла хазхаҭалатәи асанкциақәа шьақәнаргылап ҳәа ҳгәы иаанагом
Евроеидгыла хазхаҭалатәи асанкциақәа шьақәнаргылап ҳәа ҳгәы иаанагом, – иҳәеит Европаҟны аинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Леван Махашвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.
Иара иҳәамҭала, аиҳабыра рхықәкы хада ҭынч аекономикатә аҿиара анагӡаразы алшара аиқәыршәароуп.
„Евроеидгыла хазхаҭалатәи асанкциақәа шьақәнаргылап ҳәа ҳгәы иаанагом. Аӡәы асанкциақәа изышьақәдыргылома ҳәа ҳаҧшуам. Аиҳабыра рхықәкы хада ҭынч аекономикатә аҿиара анагӡаразы алшара аиқәыршәароуп. Аполитикатә ганахьала доусы аӡбарас ирыдыркыло уи ҳара иаҳусым. Уажәазы иҟоу ацҳақәа рбылра акәымкәа, иаҳа рырҕәҕәара ацынхәрас, анапы арҵәира аҽазкра ҳбоит“, – иҳәеит Леван Махашвили.