Лихтенштеин Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыда ахьыԥшымра адгылара Қырҭтәыла европатәи аперспектива аԥҵареи европатәи аструктурақәа рахь аинтеграциеи ауп иаанаго
Лихтенштеин Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыда ахьыԥшымра адгылара Қырҭтәыла европатәи аперспектива аԥҵареи европатәи аструктурақәа рахь аинтеграциеи ауп иаанаго

Жәларбжьаратәи афорумқәа зегьы рҿы аус еицаауеит, иҭабуп, Қырҭтәыла активтә аконструктивтә партниоруп, – илҳәеит Лихтенштеин Адәныҟатәи аусқәа рминистр  Доминик Ҳаслер Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апресконференциа аҿы.

Лихтенштеин Адәныҟатәи аусқәа рминистр лажәақәа рыла, ҩтәылак ЕАР-и, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаареи, европа ахеилаки рҿы аусеицура рыбжьоуп.

“Европа ахеилак аҿы наҟ-наҟтәи аусеицура арҵаулара алшарақәа ҳауоит, избан акәзар абҵара инаркныЛихтенштеин Европа ахеилак аҿы атәыла-хадахоит. Қырҭтәыла аҭаара сара сзы апату дууп, шәтәыла иаҳа ибзианы абара алшара соуит. Шәтәыла аҭаарала аилибакаара иаҳа арӷәӷәара алшара ҳамоуп. Арҭ ашьаҭатәи зинқәеи, адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ҩганкалатәи ахәаахәҭра арӷәӷәареи, зхы иақәиҭу иаарту ауаажәларреи Европа аӷәӷәара ашьаҭа аадырԥшуеит. Европа ашәарадара азхәыцра ҳара ҳзы ашьаҭатәи темақәа роуп, ира убас ахадаратә акцентқәа Қырҭтәылаҟны аусеицура анагӡара”, – илҳәеит Лихтенштеин Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Аминистр лажәақәа рыла, иахьатәи аиԥылараҿ ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәи Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи ирыхәаԥшит.