Лиук Коффи – Америка атәылахьчара аминистр аиҿцәажәарақәа раан Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа зегьы еидгыларц ирыбжьегап ҳәа сгәыҕуеит
Лиук Коффи – Америка атәылахьчара аминистр аиҿцәажәарақәа раан Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа зегьы еидгыларц ирыбжьегап ҳәа сгәыҕуеит

«Америка атәылахьчара аминистр  Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа зегьы рхаҭарнакцәа дырҧыланы, компромисск шыҧшаатәу агәра диргап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Адәныҟатәи аполитика аҭҵааратә центр  Heritage Foundation адиректор Лиук Коффи «Қырҭтәыла арадио» иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Коффи игәаанагарала, Америка атәылахьчара аминистр ивизит аҵакы ду амоуп, абри аҩыза авизитқәа шаҟа ирацәахо аҟара, Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа еиҕьхоит. Иара иажәақәа рыла, Баиден иадминистрациа Қырҭтәыла евроатлантикатә хырхарҭа иадгылоит, аха, Вашингтони Европеи  НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла алалара иазкны аконкреттә инициативақәа рымазароуп.

«Баиден иадминистрациа Қырҭтәыла евроатлантикатә хырхарҭа иадгылоит, аха, аинициатива ҿыцқәеи аидеиа ҿыцқәеи убарҭам. Вашингтони Европеи  НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла алалара иазкны аконкреттә инициативақәа рымазароуп. Дара Қырҭтәыла НАТОи Евроеидгылеи иалазар рҭахуп, аха абри ахықәкы анагӡаразы аконкреттә мҩақәа  ирылацәажәом. Сара атәылахьчара аминистр Қырҭтәыла ивизит сеигәырҕьоит, аха,  крызҵазкәа алҵшәақәа срызҧшым.  Америка атәылахьчара аминистр Қырҭтылеи, Украинеи, Румынтәылеи дырҭаауеит, уи даараӡа ибзиоуп, избанзар, абарҭ авизитқәа рышьҭахь НАТО атәылахьчара аминистрцәа реиҧылара мҩаҧысуеит.  Қарҭи, Киеви, Бухарести аофициалтә хаҿқәа рҟынтә инарҭбаау аинформациа иоуп ҳәа сгәыҕуеит, уигьы иаҵанакәа рацәоуп, избанзар НАТО аминистрцәа рконференциаҿы абарҭ атәылақәа ирызкны игәаанагара иҳәароуп», — иҳәеит Лиук  Коффи.