Лиудас Мажилис - Молдовеи Украинеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара ишьаҿа бзиан, Қырҭтәылагьы аперспектива ӷәӷәа аҭатәуп
Молдовеи Украинеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара ишьаҿа бзиан, Қырҭтәылагьы аперспектива ӷәӷәа аҭатәуп, – иҳәеит евродепутат Лиудас Мажилис Европарламент аҿы арҭбаара астратегиа иадҳәаланы имҩаԥгаз аилатәара аҿы.
Мажилис иажәақәа рыла, Евроеидгыла арҭ атәылақәа иаку аџьармыкьахь анашьҭра ишаҭаху еиԥш ирласны раҳҭом, ари ииашам.
“2004 шықәсазы Евроеидыга арҭбаара ацәқәырԥа ду ашьҭахь, ҳара арҭбаара ала ҳааԥсеит ҳәа акымкәа аҳәамҭақәа ҳаҳахьеит, аха сгәы шаанаго ала, ҳара арҭбаара ада ҳааԥсеит. Евроеидгыла иалам атәылақәа рахь иҳашьҭуаз ареактивтә сигналқәа ҳзаанымхеит. Ҳара ҳхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп адунеи аҿы евроскептицизм азҳара, уи иадҳәалоуп ишәарҭоу атәылақәа – Урыстәылеи Китаи рахь адунеи ахы архара ахьалагаз. Молдовеи Украинеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара ишьаҿа бзиан, Қырҭтәылагьы аперспектива ӷәӷәа аҭатәуп. Сгәы шаанаго ала, Евроеидгыла арҭ атәылақәа иаку аџьармыкьахь анашьҭра ишаҭаху еиԥш ирласны раҳҭом, ари ииашам“, – иҳәеит Мажилис.