Литва ахада – Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳаргәамҵуеит
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәеи аоппозициатә партиа алидер ибаандаҩтәреи даараӡа ҳаргәамҵуеит, абри аҭагылазаашьа алҵра ҟалоит аганқәа рыбжьара адиалог мацара, — иануп Литва ахада Гитанас Науседа иҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа кьыҧхьуп Литва ахада иофициалтә саит аҿы.
Литва ахада ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи ахықәкқәа рынагӡаразы иҭбаау аполитикатә акзаареи, аполитикатә партиақәа зегьы рҟны аконструктивтә диалоги аҭахуп.
«Литва Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәара иадгылоит, ҳара уажәтәи аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазку аҽазышәрақәа зегьы ҳрыдгылоит. Литва адиалоги аконсенсус аҧшаареи аҿы абжьацәажәаратә роль анагӡара иазхиоуп», — иазгәеиҭеит Литва ахада.