Литва ацҳаражәҳәарҭа - Амилаҭтә акзаара амш азы, Литва, ҧасеиҧш Қырҭтәыла иадгылоит, штәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит
«Амилаҭтә акзаара амш азы, Литва, ҧасеиҧш Қырҭтәыла иадгылоит, штәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Литвва ацҳаражәҳәарҭ аҳәамҭаҿы.
«Иахьа Литва ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндреи Қырҭтәыла иаҭааиз Литва Сеим аделегациеи 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы Қырҭтәыла ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит. Амилаҭтә акзаара амш азы, Литва, ҧасеиҧш Қырҭтәыла иадгылоит, штәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны 35 шықәса ҵит. Ашырҧаз Асовет Еидгыла арбџьармчқәа аҭынчратә акциа еимдырҧҧит. Усҟан иҭахеи 21ҩык ауааҧсыра.