Лилиен Мори Паские - Ампыҵахалара аҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, Аҧсни “Аахыҵ Уаҧстәылеи” Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп.
Лилиен Мори Паские - Ампыҵахалара аҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, Аҧсни “Аахыҵ Уаҧстәылеи” Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп.

Ампыҵахалара аҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, Аҧсни “Аахыҵ Уаҧстәылеи” Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп, – илҳәеит Еаропа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ахада Лилиен Мори Паские Актәи аканал аинтервиу аҿы.

„Акризистә ҭагылазаашьоуп. Ҳара, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиеи аминистрцәа ркомитети,  ари аҭагылазаашьа алҵразы мҩак ҳаҧшаар ҳҭахуп, ари азҵаара ҳазхәыцуеит. ҳара европа аконтинент иқәынхо ауааҧсыра зегьы рзы аҭак ҳаҧхықәуп. Ҳара ҳаидтәаланы, ҳазынтәгьы иҳзыманшәалоу аӡбара ҳадаҳкылароуп.  Зыӡбахәы ҳәоу апроблема амшала егьырҭ азҵаарақәагьы рыӡбара ҳцәыуадаҩуп. Ҳәарада, аҭагылазаашьа аҭыҧ иқәҵатәуп. Ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит.  Сгәы ишаанаго ала, Европа ахеилаки аминистрцәа ркомитети иаҳа ибзианы амониторинг мҩаҧыргароуп, Европа ахеилак аҧҟарақәа еилазго алахәылацәа раарҧшразы. Уажәазы асанкциақәа ҳрылацәажәоит. Ҳрезолиуциаҿы иаҵшьны иазгәаҳҭеит алахәылацәа зегьы аҧҟарақәа рынагӡара шыруалу.

Қырҭтәыла иадҳәаланы ҳпозициа ааҳарҧшхьеит  – ампыҵахалара аҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, Аҧсни “Аахыҵ Уаҧстәылеи” Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп. Ҳара қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит. Угәы ҧызжәаша афактқәа иҟоупАмпыҵахалара аҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, Аҧсни “Аахыҵ Уаҧстәылеи” Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп аха,  аҭыҧқәа рҿы амониторинг амҩаҧгара аганахьала ҳалшарақәа маҷуп. Ҳгәы ишаанаго ала,  ажәларқәа рыбжьара агәреибагара еиҭашьақәыргылатәуп,  абри ауп ихадоу. Аҭагылазаашьа цәгьоуп,  аха агәрагара аиҭашьақәыргылара аимак аҭыҧшәынәталараҽы иҳацхраар ауеит. Қырҭтәыла аиҳабыра аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҟарҵо рацәоуп,  уи аҵакы ду амоуп“, – иазгәалҭеит Лилиен Мори Паские.