Лиетува ацҳаражәҳәарҭа  - Лиетува амчылара иақәшаҳаҭым,  ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла аполициеи ашәарҭадаратә мчқәеи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аиқәыршәара шрылшо
Лиетува ацҳаражәҳәарҭа  - Лиетува амчылара иақәшаҳаҭым,  ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла аполициеи ашәарҭадаратә мчқәеи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аиқәыршәара шрылшо

 

Лиетувеи уи ацҳаражәҳәарҭеи  амчылара иақәшаҳаҭым,  ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла аполициеи ашәарҭадаратә мчқәеи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аиқәыршәара шрылшо, избанзар, атәылауаҩратә уаажәларраҟны  хымҧада адиалог  мҩаҧгатәуп, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Лиетува ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала, Лиетува агәыҕра ду амоуп Қырҭтәыла, уажәазы иамоу аҭоурыхтә алшарақәа ахы иархәаны,  Еврокомиссиа абжьагарақәа зегьы нагӡаны, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара иалшап ҳәа.

„Лиетува Қырҭтәылеи Лиетуватәи ареспубликеи рыбжьара акыраамҭалатәи аиҩызареи аизыҟазаашьа ҷыдақәеи рынагӡареи рырҕәҕәареи иазыхиоуп. Лиетува Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи  иадгылоит.

2023 шықәса ҧхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анарҭа ашьҭахь,  Қырҭтәыла, зеиҧшҟамлац ала, Евроеидгыла иазааигәахеит.

Қырҭтәылазы иҳәаақәҵаз жә-шьаҿак  рынагӡара инаваргыланы, Қырҭтәылаҟа ааҧхьара ҟаҵан  атәылауаҩратә уаажәларра ахы иақәиҭны аусура алшарц азыҳәан иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәдыршәарц.  Уажәы излацәажәо  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект Евроеидгыла абжьагарақәеи Евроеидгыла анормақәеи апринципқәеи ирышьашәалам. Абарҭ ахҭысқәа Лиетувагьы, иара убас, Евроеидгылаҿгьы акрызҵазкәа агәынамӡара рхылҵит.

Европарламент иалоу лиетуватәи адепутатцәа иацы иҟарҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп Европарламент алахәылацәа дара изхаҭарнаку атәылақәа рпозициа шаадмырҧшуа, убри аҟынтә, Лиетува ацҳаражәҳәарҭа абарҭ аҳәамҭақәа изрыхцәажәом.

Лиетува амчылара иақәшаҳаҭым,  ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла аполициеи ашәарҭадаратә мчқәеи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра аиқәыршәара шрылшо.

Лиетува агәыҕра ду амоуп Қырҭтәыла, уажәазы иамоу аҭоурыхтә алшарақәа ахы иархәаны,  Еврокомиссиа абжьагарақәа зегьы нагӡаны, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара иалшап ҳәа“, – иануп аҳәамҭаҿы.