Лиа Гигаури – Аԥсуа ауаажәларра рыгәрагара аиҭашьақәыргылареи аинаалареи рхырхарҭала аусеицура наҳагӡоит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынқарратә министр лхаҭыԥуаҩ Лиа Гигаури лажәақәа рыла, аԥсуа ауаажәларра рыгәрагара аиҭашьақәыргылареи аинаалареи рхырхарҭала аусеицура нагӡахоит «Еиӷьу аԥеиԥш азы ашьаҿа» апроект аналогқәа рыла.
Гигаури ишылҳәаз, ари аԥшьгара аибашьра иахҟьаны еиҩшоу ауаажәларрақәа рзааигәара апроцесс азы ихырҳагоуп.
«Аиҟәшаратә цәаҳәа иаваршәаны ахәаахәҭра адгылара аҳәынҭҟарратә аԥшьгара «Еиӷьу аԥеиԥш азы ашьаҿа» ихадоу ахырхарҭақәа ируакуп. Ари иполитикатәыи проектуп, уи хықәкыс амоуп аиҟәшаратә цәаҳәа иаваршәаны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Иаԥҵахеит иашьашәалоу азакәанԥҵаратә база, акымкәа апроект бзиақәа нагӡан, ишьаҭаркын Аҭынчра афонд, уи аиҟәшаратә цәаҳәа нхыҵи аахыҵи еиуеиԥшым абизнеси аекономикатә аимадарақәеи рыдгылоит. Аԥсуа ауаажәларра рыгәрагара аиҭашьақәыргылареи аинаалареи рхырхарҭала аусеицура наҳагӡоит,» – илҳәеит Гигаури.
Импыҵахалоу Аԥсны дефакто ашәарҭадара хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сереги Шамба Қырҭәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаиҵоит адиалог иалагарц. Аимакаан ҩмҩак ыҟоуп – аибашьреи ацәаџәареи. Уажәы аибашьра аӡәгьы иҭахым, убри аҟынтә ацәажәара ауп иахзанхо, – иҳәеит Шамба.