Леван Хабеишвили – Қырҭтәыла анапхгара аӡбара иаша адкылареи Саакашвили ихақәиҭтәреи азы даҽа шанск рымоуп
Леван Хабеишвили – Қырҭтәыла анапхгара аӡбара иаша адкылареи Саакашвили ихақәиҭтәреи азы даҽа шанск рымоуп

«Қырҭтәыла анапхгара Украина ахада Зеленски иҳәарак адамхаргьы, ак нарыгӡар рҭахызар, аӡбара иаша адкылареи Саакашвили ихақәиҭтәреи азы даҽа шанск рымоуп», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара Украина иаҿагыло аполитика мҩаҧыргоит.

«Зеленски аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь, асанкциақәа рызҵаарақәа рзы агәыҧ акоординатор  Макфолгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит, иаргьы Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра даҳәоит.  Ацивилизациатә дунеи зегьы еицҿакны аанацҳаит Путин иҿагыло ар рҧыза хада, мраҭашәара иадгыло алидер-реформатор гәаҟрыла абахҭаҿ дыҧсыр шыҟамло», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.