Леван Хабеишвили - Қырҭтәыла аекономикатә ҭышәынтәалара ҟалаанӡа, ауаа ахашәала бзиа роуаанӡа, аҵыхәанӡа ақәҧара наҳагӡоит
Атәанчаратә ҧсахтәқәа аҧырхтәуп, наҟ-наҟ атәанчаҩ аҧсахтә игаргьы, анормалтә ҭагылазаашьақәа рыла игароуп, абри ауп ҳхықәкы хада, – иҳәеит „Амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы Леван Хабеишвили „Аиааира аплатформа“ ала еиҿкааз атәанчаратә форум аҿы данықәгылоз.
Егьи, зҵакы дуу зҵаароуп ахацәа рзы атәанчаратә ақәра 60 шықәсанӡа аларҟәра.
„Шәара шәеиҳара аҧсахатә шәымоуп, 1 500 лари аҧсахтә жәгар, 4 000 лари шәырхынҳәроуп, 2 000 лари жәгар, 5 000 лари архынҳәра шәықәшәоит. Уи ииашам, уи шәцәырҳәреи аҕьычреи ауп иаанаго. Қырҭтәыла аҕьычра аҵыхәа ҧҵәатәуп, абри ауп ҳара иаҳҳәо. Атәанчуаа ирымоу аҧсахтәқәа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа аҧырхтәуп, убри азоуп иахьа абра ҳзеизаз, абри ахырхарҭала ақәҧара наҳагӡоит. Ишәхашәмыршҭын, абарҭ аҧсахтәқәа рыла шәҧара рҕьычуеит. Ҳуааҧсыра иччарху атәанчахә роуеит, уигьы шәцәырҕьычуеит. Ҕарибашвили, Кобахиӡе, Ҭалакваӡе, Иванишвили уҳәа, дара рхаҭа абри аҩыза атәанчахәла рхы ныҟәыргалааит. Убри азоуп Евроеидгыла заҳҭаху, Евроеидгыла атәылақәа рҿы аҧсахтә азы џьаргьы 32% шьақәдыргылам, уаҟа 2-4-6% ауп аҧсахтә иақәырҵо. Аха, абра, Қырҭтәыла, Биӡина Иванишвили аҕьычратә абанктә олигархиа еиҿикааит.
Егьи, зҵакы дуу азҵаара ахацәа рзы атәанчаратә ақәра 60 шықәсанӡа аларҟәра иазкуп. Қырҭтәыла, бжеиҳарала, ахацәа рыҧсынҵра 67 шықәса иаҟароуп. Зынӡа Қырҭтәыла иқәынхоит 80 аҟынтә 100 000ҩык рҟнынӡа ахацәа. Убри аҟынтә, дара рзы атәанчаратә ақәра зыҧшра, ҟамҵакәа ирмаҷтәуп. Ҳара абарҭ азҵаарақәа рыӡбаразы аҵыхәанӡа ақәҧара наҳагӡоит, ҳәарада, шәаргьы ҳшәықәгәыҕуеит“, – иҳәеит Хабеишвили.