Леван Хабеишвили «Амилаҭтә ҵысра» аполитхеилак аилазаара иацлаз  алахәылацәа рыхьӡқәа иҳәеит
Леван Хабеишвили «Амилаҭтә ҵысра» аполитхеилак аилазаара иацлаз  алахәылацәа рыхьӡқәа иҳәеит

««Амилаҭтә ҵысра» аполитхеилак даҽа  20ҩык ацлоит», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Хабеишвили иҳәамҭала, аполитхеилак иахьатәи аилатәараҿы ахеилак арҭбааразы аӡбара рыдыркылеит.

««Амилаҭтә ҵысра» аиааира акаолициа алидер Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала, иара ҳпартиа аполитхеилак аиҿкаара ихы алаирхәоит. Саакашвили иинициатива инақәыршәаны,   ҳара аполитхеилак арҭбааразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Аманифест инақәыршәаны,  Иванишвили иаҵархареи,  ахада Саакашвили ихақәиҭтәреи иазҿлымҳау,  ҳтәылаҿ аҭынчра ашьақәыргылареи  Евроеидгыла алалареи  зҭаху,   «2003 шықәсатәи Агәилқәа рреволиуциа» аидеалқәа ирызгәыку ауааҧсыра зегьы рзы  «Амилаҭтә ҵысра» аполитхеилак ашәқәа аартуп. Аполитхеилак иалало даҽа  20ҩык  рыхьӡқәа шәасҳәар сҭахуп. Урҭ роуп – Ека Цамалашвили, Гиа Ҷантуриа, Николоз Вачеишвили, Гиги Кублашвили, Севдиа Угрехелиӡе, Ника Чураӡе, Маиа Џьавахишвили, Мераб Џьанелиӡе, Александр Крево-Асатиани, Наталиа Мҷедлишвили, Бесо Каҭамаӡе, Мамука Ҟурашвили, Игор Нарманиа, Алика Куправа, Леван Пераӡе, Бакур Мгелаӡе, Ҭемур Цамцишвили, Ника Оболоаӡе, Иракли Гиоргобиани», — иҳәеит Хабеишвили.