Леван Мгалоблишвили - Аҧсны ииз, аха, аамҭала ишәыцнымхо, Аҧсны аиҳабыра рхантәаҩ ҿыц иаҳасабала, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит, ҧасеиҧш ҳаицыҟазаареи, уи азы иаҭаху ашьаҿақәа рыҟаҵареи иаамҭоуп
Ҳара аибанажьреи, аинаалареи, аилибакаара аиҭалагареи, аицынхареи, ҳара-ҳара ҳтрадициақәеи, ҳкультуреи, ҳфырхаҵареи згәыдурала рызныҟәареи ҳаналагаша аамҭа ааит, – иазгәаҭоуп Аҧснытәи Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы Леван Мгалоблишвили аԥсуаа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы.
“Сыуаажәлар, иахьа аҧсышәала шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, сара аԥсшәа ҷыдала бзиа избоит, избанзар, сан даҧсуоуп. Сара, Аҧсны ииз, аха, аамҭала ишәыцнымхо, Аҧсны аиҳабыра рхантәаҩ ҿыц иаҳасабала, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит. Ҳара аибанажьреи, аинаалареи, аилибакаара аиҭалагареи, аицынхареи, ҳара-ҳара ҳтрадициақәеи, ҳкультуреи, ҳфырхаҵареи згәыдурала рызныҟәареи ҳаналагаша аамҭа ааит. Арҭ ашықәсқәа ҳазынтәгьы ахьаа ду ҳзааргеит, аха зегь аханатә ҳалагар ҳалшоит, ҳакзаара, ҳаҭырла ҳаицынхара ҳазыхынҳәроуп.
Аҵыхәтәаны, шәара ибзианы ижәдыруа ажәақәа сҳәар сҭахуп: аиҕара иарбгаз абзиабара еиҭашьақәнаргылеит. Уажәы абзиабареи, ҧасеиҧш ҳаицыҟазаареи, уи азы иаҭаху ашьаҿақәа рыҟаҵареи иаамҭоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.