Леван Махашвили – Агеополитикатә ахәмарра ду аҿы ҳхы лаҳмырҟәырцаз ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп, ари ахырхарҭала иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
«Агеополитикатә ахәмарра ду аҿы ҳхы лаҳмырҟәырцаз ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп, ари ахырхарҭала иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит евроинтеграциа азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Леван Махашвили Актәи аканал аинтервиу аҿы.
Махашвили ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарра дуқәа реизыҟазаашьақәа рҭыҧ иқәырҵеит, аҳәынҭқарра хәыҷқәа, Украинагьы инрылаҵаны, азарал ду роуит.
«Адунеи аҽаҧсахуеит, абри ауп иахьа ҳазлацәажәо. Ҳара ибзианы иаадыруан аҳәынҭқарра дуқәа реизыҟазаашьақәа рҭыҧ ишықәырҵо, аха, рыцҳарас иҟалаз, аҳәынҭқарра хәыҷқәа азарал ду роуит, Украинагьы урҭ иреиуп. 2009 хәыжәкыразы, урыстәыла-қырҭтәылатәи еибашьра ашьҭахь аа-мза анҵы, Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа еиҭахәаҧшит, иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Аҧышәа ду ҳамоуп, убри аҟынтә, Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы гәҽанрыла ҳрызныҟәоит. Урыстәылеи Америкеи реиҿцәажәара ҳара иаҳхьыҧшым, ҳара акоуп иаҳхьыҧшу, абри агеополитикатә ахәмарра ду аҿы ҳхы лаҳмырҟәырц азыҳәан ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп. Ари ахырхарҭала иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит Махашвили.